Ашоколад ашықәсҿыцтәи афестиваль мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 2 – 3 рзы Аботаникатә баҳчаҿ
Ҧхынҷкәын 2 – 3 рзы Қырҭтәыла Аботаникатә баҳчаҿ имҩаҧысуеит Ашоколад ашықәсҿыцтәи афестиваль.
Қарҭ ахадара адыррала, ауснагӡатәаҿ ицәырыргоит напыла иҟаҵоу еиуеиҧшым ашоколоадтә конфетқәеи ашықәсҿыцтәи аҩычагақәеи.
«Афестиваль аадыртуеит Басти-Бубу аконцерти адауласҩцәа ршоуи ала. Ауснагӡатә асасцәа дырҧылоит Санта Клаус. Афестивальтә амшқәа рзы асасцәа «Амҩатә театр» аспектакль ддырбоит.
Акондитер Важа Ҵулукиӡе ашоколадтә торқәа рыҟаҵаразы амастер-класс мҩаҧигоит.
Сынтәатәи афестиваль инарҭбааны иазгәарҭоит, ауснагӡатә рхы аладырхәоит 30 раҟара аилахәырақәа. Ашоколад ашықәсыцтәи афестиваль нагӡахоит асааҭ 12:00 инаркны 19:00-нӡа», — иануп Қарҭ ахадара аинформациаҿы.