Ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа ирымаданы ирылаҳәаз аҧсшьарамшқәа раан Амаҵзура агентреи Апатрультә полициа адепартамент иаку амаҵзуратә центри аус руам
Ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа ирымаданы ирылаҳәаз аҧсшьарамшқәа раан Амаҵзура агентреи Апатрультә полициа адепартамент иаку амаҵзуратә центри аус руам, – ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.
„Ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа ирымаданы ирылаҳәаз аҧсшьарамшқәа раан Амаҵзура агентреи Апатрультә полициа адепартамент иаку амаҵзуратә центри, 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 – 12 рзы аус руам, ажьырныҳәа 13 инаркны абжьааҧнытә режимла аусура нарыгӡоит.
Апатрультә полициа ишьақәнаргылаз административтә ахараҧсақәа разашшразы иҳәаақәҵоу аҵыхәтәантәи амш аҧсшьарамшқәа ирықәшәозар, атәылауаа азашшра аҿҳәара рхы иадырхәар рылшоит аҵыхәтәантәи аҧсшьарамш иашьҭанеиуа анеҩстәи амш азы“, – иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.