Ашәарҭадареи ахыхьчареи рзы Европарламент акомитетеиҵа аделегациа Қырҭтәыла иаҭаауеит мшаҧы 10 рзы
Ашәарҭадареи ахыхьчареи рзы Европарламент акомитетеиҵа аделегациа Қырҭтәыла иаҭаауеит мшаҧы 10 рзы

 

Ашәарҭадареи ахыхьчареи рзы Европарламент акомитетеиҵа аделегациа Қырҭтәыла иаҭаауеит мшаҧы 10 рзы.

Европарламент адепутатцәа Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра Қырҭтәылазы иамазар зылшо алҵшақәа ҭырҵаауеит,  иара убас,  даҽазнык аадырҧшуеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Убри адагьы,  аделегациа алахәылацәа,  атәылаҿы Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиа аусура ахәшьара арҭоит.

Европатәи азакәанҧҵаҩцәа Қырҭтәыла иаҭаауеит мшаҧы  10-14 рзы. Дара атәыла аҧыза-министри,  апарламент аспикери,  атәылахьчара аминистри ирҧылоит,  иара убас,  Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟны аиҟәшаратә цәаҳәақәа рышҟагьы инеиуеит.

Аделегациа иалоуп  Натали Луазо (Франциа), Лукас Мандле (Австриа), Иуоза Олеас (Литва), Елена Иончева (Болгариа), Ашәарҭадареи ахыхьчареи рзы Европарламент акомитетеиҵа ахантәаҩы  Ларс Патрик Берг (Германтәыла).