Ашьақарчымазара 1-тәи ахкы адиагноз змоу ахәыҷқәа, CGM асистема ҿыцқәа рхархәара рылшарц азыҳәан, асмартфонқәа рыҭара иалагеит
Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара адыррала, ашьақарчымазара 1-тәи ахкы адиагноз змоу ахәыҷқәа, ашьаҿы аглиукоза аҩаӡара агәаҭаразы CGM асистема ҿыцқәеи урҭ рхы изладырхәаша асмартфонқәеи хәыда-ҧсада рыҭара иалагеит.
Аусбарҭа адыррала, 4-тәи абиҧара иаҵанакәа, иҿыцӡоу ахархәага Medtronic — Guardian 4 ашьақарчымазара ахылаҧшра иазку ҳаамҭазтәи технологиоуп.
Аспециалистцәа Guardian 4 ирҧышәеит бжьышықәса еиҳаны изхыҵуа апациентцәа рҟны. Аилахәыра ахаҭарнакцәеи аспециалистцәеи ргәаанагарала, бжьышықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ари асистема рыҭара иахәҭам. Убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу асистема роуеит 7-18 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа. Guardian 3, ҧасеиҧш, бжьышықәса зхымҵыз ахәыҷқәа ирырҭоит.