Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга афонд "Қарҭу" аҟынтә ҳамҭас 30 миллион лари аиуеит
Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга афонд "Қарҭу" аҟынтә ҳамҭас 30 миллион лари аиуеит

Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга афонд “Қарҭу” аҟынтә ҳамҭас 30 миллион лари аиуеит, – иануп афонд “Қарҭу” аҳәамҭа аҿы.

“Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга Европа ачемпионат ахь аиасрала ақырҭуа цыԥхьаӡа аҳамҭа зу азааигеит.

Ари иазыԥхьагәаҭаны, аизга алахәылацәа рмотивациа иаҳа иазҳарц азы, Европа ачемпионат агәыԥхәҭа алҵразы, ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга афонд “Қарҭу” аҟынтә ҳамҭас 30 миллион лари аиуеит. Агәыԥхәҭа алҵра ашьҭахь, иашьҭанеиуа есматчк рҿы аиааиразы, ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга афонд “Қарҭу” аҟынтә ҳамҭас иацҵаны 30 миллион лари аиуеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.