Асенатор Џьеимс Риш – Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы иацы имҩаҧгаз алхрақәа ҳрықәыӡбоит, Қырҭтәыла ахьыҧшымра адгылара наҳагӡоит
Асенатор Џьеимс Риш – Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы иацы имҩаҧгаз алхрақәа ҳрықәыӡбоит, Қырҭтәыла ахьыҧшымра адгылара наҳагӡоит

«Жәларбжьратәи уаажәларра иацы Аахыҵ Уаҧстәылаҿ закәандарала имҩаҧгаз алхрақәа ирықәыӡбоит», — иҩит  Twitter аҿы америкатә сенатор,  жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Џьеимс  Риш.

Асенатор ишиҳәаз ала,  Путин  Украина мацара акәӡам зықәха ииҭахыз.

«Аахыҵ Уаҧстәыла  —  Урыстәыла ала импыҵахалоу қырҭтәылатәи 2 регионк иреиуп. Сареи жәларбжьаратәи уаажәларреи иацы Аахыҵ Уаҧстәылаҿ закәандарала имҩаҧгаз алхрақәа ҳрықәыӡбоит. Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымра адгылара наҳагӡоит», — иҩит асенатор.

Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаҧгаз алхрақәа рҿы аҧхьагылара имоуп Алан Гаглоев.