Арра ицо аҿар Гори абаа аԥхьа арратә ҭоуба руит.
Аҭоуба анышьҭарҵа ашьҭахь, арра ицо аҿар арратә уасиаҭ иаԥхьеит. Ацеремониа рхы аладырхәит атәылахьчаратә мчқәа ачынуаами аҭыԥантәи анаԥхгара ахаҭарнакцәеи.
Актәи ашьакартә бригада акомандаҟаҵаҩ, аполковник Заза Шаламбериӡе аибашьцәа рахь ихы рханы, раԥхьатәи аибашьратә зыҟаҵарақәа қәҿиарала ахыркәшара рыдиныҳәалеит. Акапелан Ҭадеоз аибашьцәа диныҳәеит.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит арекрутцәа рыуацәеи рҩызцәеи.
Аибашьцәа Гортәи актәи ашьаҟартә бригада абазаҿы ҩымз ирылагӡаны аибашьратә зыҟаҵарақәа ирхысит.