Аргентина -  Ашьапылампыл азы  2022 шықәсатәи  адунеи ачемпионуп
Аргентина -  Ашьапылампыл азы  2022 шықәсатәи  адунеи ачемпионуп

Катар имҩаҧысуаз адунеи ачемпионат афинал – абарҭ аицлабрақәа рҿы зегьы раасҭа иуадаҩын. Аргентиеи Франциеи реизгақәа ахәаҧшцәа  агәырҕьара ду рзааргеит.

Актәи атаим аҿы 2-0 ҳәа аргентиаа аҧхьагылара рыман.  Аҩбатәи атаим актәи азбжагьы убасҵәҟьа имҩаҧысит, аха, анеҩс, афранцызцәа 2 мпылк ҭадыршәит.  Аамҭа хада 2-2 ҳәа еиҭахарала ихыркәшан.

Иацҵаз  30 минуҭ рылагьы аҭагылазаашьа аҽамҧсахит  –  3-3. Анеҩс, апенальти асериа иалагеит, уи иалҵшәаны, 2022 шықәсатәи адунеи ачемпионс иҟалеит Аргентина.