Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра активтә резерв апрограмма арҭбаауеит. Аҵакырадгьылтә резерв даҽа баталионк ацлеит, уи Шида Қарҭли арезервистцәа разыҟаҵара иазкуп.
Ауаа активтә резервахь ирыдыркылоит хатәгәаҧхарала, дара аџьаусҧса рзыршәом. Арезервахь ирыдыркылоит 18 шықәса инаркны 51 шықәсанӡа зхыҵуа Қырҭтәыла атәылауаа, 18 шықәса инаркны 22 шықәсанӡа зхыҵуа астудентцәагьы уахь инрылаҵаны. Ақәҧаратә азыҟаҵара нагӡахоит 45 мшы, шықәсык иалагӡаны. Аҵакырадгьылтә хыхьчара 203-тәи абаталион — арезервистцәа иазыҟазҵо аабатәи баталионуп. Абаталионқәа алырхуеит аҵакырадгьылтә принципла, аҳҭнықалақьи, Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи Қырҭтәыла арегионқәеи рҿы.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.