Арчил Ҭалакваӡе - Михеил Саакашвили иус аҿы акгьы ҭҵаатәым
Арчил Ҭалакваӡе - Михеил Саакашвили иус аҿы акгьы ҭҵаатәым

Аконституциатә реформа ашьҭахь “Ақырҭуа гәахәтәы”  апарламент арегламент аԥсахит, ҳара аоппозициаа апарламент аҿы рхатә ус аҟаҵаразы алшара раҳҭеит. Аоппозициаа  акомиссиа аԥҵара рхала ирылшоит, – иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Арчил Ҭалакваӡе.

Ҭалакваӡе иажәақәа рыла, Михеил Саакашвили иус аҿы акгьы ҭҵаатәым, жәларбжьаратәи аӡбарҭа Гиргвлиани иус азы ишаарыцҳаз ала,Саакашвили ихаан, иара инапхгараҭарала атәыла администрациа Гиргвлиани иус иадҳәалоу ацәгьаурақәа ирылахәын.

“Апарламент абиуро иахьатәи аилатәараҿ Михеил Саакашвили иус азы аамҭалатәи аусԥшааратә комиссиа аԥҵара аԥшьгара цәырган. Аԥшьгара авторцәа роуп афракциа “Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнакцәа. Адокумент аҿы ишану ала,акомиссиа хықәкыс амоуп Михеил Саакашвили игнахьала аҳәынҭқарратә органқәеи ачинҳаракҩцәеи азакәан иаҿагыланы ирыдыркылаз аӡбарақәа. Акомиссиа аԥҵаразы 50-ҩык адепутатқәа рыбжьқәа аҭахуп. “Амилаҭтә ҵысра” аҟынтә апарламент иалоуп 30-ҩык адепутацәа. Урҭ акомиссиа аԥҵаразы аоппозициаа рыдгылара рҭахуп. Аоппозициа ахәҭа акомиссиа аԥҵара иадгылом, урҭ иреиуоуп апартиа “Қырҭтәылазы”, “Атәылауаа”, “Европатәи асоциалистцәа”.