Арчил Ҭалакваӡе-Адәныҟатәи акурс иҳәаақәҵоуп, анапхгареи ауаажәларреи рпозициақәеи еиԥшуп
Апарламент авице-спикер Арчил Ҭалакваӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла украинатәи ажәлар рыдгылараз алшо зегь ҟанаҵоит. Анеитралитат иадҳәаланы Ҭалакваӡе ишааицҳаз, адәныҟатәи акурс иҳәаақәҵоуп, анапхгареи ауаажәларреи рпозициақәеи еиԥшуп.
„Арегион аҿы зеиԥшҟамлац ала ихьанҭоу акризис шьақәгылоуп, Урыстәылатәи Афедерациа Украина ақәлеит, аибашьра цоит. Арегион аҟны атәылацыԥхьаӡа ахатә шәарҭадара ҭагылазаашьа азхәыцуеит. Қырҭтәыла украинатәи ажәлар рыдгылараз алшо зегь ҟанаҵоит. Анеитралитат иадҳәаланы – атәыла адәныҟатәи акурс иҳәаақәҵоуп, анапхгареи ауаажәларреи рпозициақәеи еиԥшуп. Иарбанзаалак аформат аҿы жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рҟны Қырҭтәылазы иацҵаны агарантиақәа рыхцәажәара ҳазыхиуоп. Урыстәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара нанагӡоит, Урыстәыла ар изакәанымкәа ҳтерриториаҿ гылоуп, 2008 шықәса рышьҭахь ибжьаҵан ахымца аанкылара аиқәшаҳаҭра, Қырҭҭәыла анапхгара еснагь иқәнаргылон апринциптә дҵа – урыстәылатәи ар атәыл алыргароуп. Ари адҵа иануп ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭраҿгьы,” -иҳәеит Ҭалакваӡе.