Арадиоканал "Қырҭтәыла арадио" иматериалтәым акультуратә ҭынха абаҟа астатус анашьоуп
Арадиоканал "Қырҭтәыла арадио" иматериалтәым акультуратә ҭынха абаҟа астатус анашьоуп

Арадиоканал “Қырҭтәыла арадио” иматериалтәым акультуратә ҭынха абаҟа астатус анашьоуп, 0 аанацҳаит Акультура аминистрра иаҵанакуа Акультуратә ҭынха ахьчаразы агентра.

Қырҭтәыла арадио аефир ахь иҭыҵит 1925 шықәса лаҵара 23 рзы.

Аахыҵ Кавказ аҿы раԥхьаӡа Қырҭтәыла арадио аусура хацнаркит 100 шықәса раԥхьа.  Аефир ахь иҭыҵыз раԥхьаӡатәи ашәа нарыгӡеит Маро Ҭархнившили лгәыԥи. Ари ашәа “Урмули” акәын.

1935 шықәсазы арадио аефир аҿы раԥхьаӡа ираҳаит Акаки Ҵереҭели ибжьы.

Қырҭтәыла арадио Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Аахыҵ Кавказ иахьаҵанакуа раҧхьатәи  аелектронтә медиахархәагоуп.

Арадио еснагь ауаажәлар ринтересқәа рыхьчара иазкын, избанзар ажәлар рҧарала акәын аус ишауаз.

Қырҭтәыла арадио ахатә ҭоурыхтә ахьӡ азыхынҳәит  – „Қырҭтәыла арадио“.  Сынтәа ихдыркәшо апроект абзоурала, Қырҭтәыла арадио атәыла зехьынџьара аӡырҩра ҟалоит.  Иара убас, адырраҭара ахаҭабзиара еиҕьхоит.