Ақырҭуа оппозициа ахаҭарнакцәа Амилаҭтә банк аҧхьа амитинг мҩаҧыргоит
Ақырҭуа оппозициа ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҧхьа амитинг мҩаҧыргоит.
Амитинг алахәылацәа Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аӡбара иаҿагыланы апротест ҟарҵоит. Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара инақәырәшаны, Қырҭтәыла атәылауаҩ изышьақәыргылоу жәларбжьаратәи асанкциақәа рынагӡара ҟалоит ақырҭуа аӡбара иашьашәалоу аӡбара анаднакылалак ашьҭахь.
Амитинг алахәылацәа рҳәамҭала, анапхгаратә гәыҧ, Америка асанкциақәа ззышьақәнаргылаз атәыла ҧасатәи апрокурор хада Оҭар Ҧарцхалаӡе ихьчаразы, атәылеи атәылауааи рфинанстә ҭышәантәалара ашәарҭара иҭадыргылоит.
Иара убас, акциа алахәылацәа, амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава ламхра иаҳәоит.
Иацы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациа аланарҵәеит атәыла ҧасатәи апрокурор хада Оҭар Ҧарцхалаӡе изышьақәыргылоу жәларбжьаратәи асанкциақәа ирызкны. Амилаҭтә банк аҿы ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла атәылауаҩ жәларбжьаратәи асанкциақәа идкьыслом иашьашәалоу аус азы иара идҳәаланы ақырҭуа аӡбарҭа ахарадҵаратә ақәҵара аднакылаанӡа.