"Ақырҭуа гәхәтәы" аполитикатә хеилак европатәи 17 тәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки рышәҟәы иазку аҳәамҭа аланарҵәеит
"Ақырҭуа гәхәтәы" аполитикатә хеилак европатәи 17 тәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки рышәҟәы иазку аҳәамҭа аланарҵәеит

Европатәи 17 тәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки аладырҵәаз ашҟәы, ақырҭуа жәлари ақырҭуа демократиеи иашьҭанеиуа рықәлара ауп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, – иануп “Ақырҭуа гәхәтәы” аполитикатә хеилак европатәи 17 тәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки рышәҟәы иазкны аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Анапхгараҭаратә партиа аполитикатә хеилак аҳәамҭаҿ ишану ала, ашәҟәы асоветтә еидгыла ахаан аҭыԥ змаз адезинформациатә стиль ала иануп – уа имцу ахарадҵарақәа рацәоуп.

Аполитикатә хеилак ашәҟәы автор цыԥхьаӡа иахь ааԥхьара ҟанаҵоит “наҟ-наҟтәи рҳәамҭақәа иаҳа ҭакԥхықәрала аус рыдыруларц”.

“Жьҭаара 26 рышьҭахь аҵак ҿыц зауз ақырҭуа жәлар ирҿагылоу имҩақәҵоу ажәылара, амзыз заҵәык амоуп – америкатәии европатәи ачинуаа ари даара ирҭахын, аха ақырҭуа жәлар Deep state агентҵәа “Амилаҭтә ҵысра” архынҳәра зин рнамҭеит.

Апарламенттә алхрақәа рлегитимациа агәыҩбара ацым. Иҟоу аобиективтә аиаша ада, алхрақәа рлегитимациа шьақәнарӷәӷәоит OSCE/ODIHR иҟанаҵаз алкааи OSCE анапхгаҩцәеи иҟарҵаз аҳәамҭақәеи, урҭ иреиуп OSCE амаӡаныҟәгаҩ хада  2024 шықәсазы имҩаԥгаз алхрақәа ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аанарԥшуеит ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа. Европатәи ачинуаа алхрақәа рылҵшәақәа шыргәамԥхо иубарҭоуп.

18-ҩык европатәи ачинуаа рҳәамҭаҿ иаагоу дезинформациак арадикалтә политикцәа рҭакрақәа ирызкуп, урҭ “аполитбандаҩцәа” роуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, рбаандаҩтәра “аполитикатә оппозициа арԥсыҽра” ауп ҵакыс иамоу ҳәа.

Раԥхьаӡа иргыланы, ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рҽалархәра Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаԥариӡеи мацара ргәы ишҭоу. Аҳәамҭа ҟазҟаз ачинуаа иргәалаҳаршәар ҳҭахуп, аполитикцә рҭакра шьаҭас измоу азакәан, Қырҭтәыла ҩажәижәаба шықәса раԥхьа шрыдыркылаз, уи европатәи апрактикеи астандартқәеи шрышьашәалоу. Иконкрету аполитикцәа апарламенттә аусԥшааратә комиссиа аилатәарахь имнеит, уи азы 7-8 мз рылааҭакра рықәҵан”, – иануп аҳәамҭа аҿы

“Ақырҭуа гәхәтәы” аполитикатә хеилак аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы ишану ала, европатәи 17 тәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки рышәҟәы даҽа дезинформациак иалоуп – активистцәа “гәнаҳарыла иаанкылоуп” ҳәа.

“Ари аҳәамҭа иашьҭанеиуа алиустрациоуп – ҵыԥх абҵара-ԥхынҷкәын азы аҭыԥ аман анапхгара ахҳәара аҽазкра, амитинг алахәылацәа анапхгара рзуун аҳәаанырцә аҟынтә. Илегитиму анапхгара ахҳәара аҽазкра аԥара азоурыжьҭуан  USAID, NED, EED-и егьырҭ афондқәеи, гәыԥҩык америкатәи ԥасатәи чинуа аарҭ апроцессқәа ирыдгылон.

Аполитикатә кыдцалара ҳанахцәажәо, ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп Германтәылеи Франциеи аҭыԥ змаз ахҭысқәа.

Европатәи 17 тәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки аладырҵәаз ашҟәы, ақырҭуа жәлари ақырҭуа демократиеи иашьҭанеиуа рықәлара ауп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Ашәҟәы асоветтә еидгыла ахаан аҭыԥ змаз адезинформациатә стиль ала иануп – уа имцу ахарадҵарақәа рацәоуп.

Ҳара аӡәӷьы иқәылара ҳгәы иҭам, аха атәылеи, ҳсуверенитети, ақырҭуа жәлар ринтересқәеи рыхьчара шынаҳагӡо ажәа шәаҳҭоит. Ари ақәԥараҿ акомпромиссқәа иҟам. Аха, иарбанзаалак аҳәынҭқарраҟны аусеицура ҳазыхиоуп, избан акәзар, Қырҭтәыла аусеицура иаша азыхиоуп. Қырҭтәыла Европада ԥсыхәа амам, аха Европагьы Қырҭтәылада ԥсыхәа амам, ари ибзиаӡа́ны еилышәкаароуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.