“Ақырҭуа гәахәтәы” - Анапхгара аусзура амилаҭтә интересқәа роуп шьаҭас иамоу, арҭ аинтересқәа рыԥсахра ҟалашьа амам, аԥсадгьыли, ауахәамеи, амилаҭтә хәынаӡарақәеи рыхьчара нанагӡоит
Иахьа Қырҭтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети амоуп, ахаан ишыҟамыз еиԥш, иахьа ҳтәыла аинтересқәа ԥырхага рыҭара, атәыла аусқәа рҽалагалара, ақәыӷәӷәара аӡәгьы илшом, -иануп “Ақырҭуа гәахәтәы” Аполитикатә Хеилак аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы ишану ала, “Ақырҭуа гәахәтәы” анапхгара аусзура амилаҭтә интересқәа роуп шьаҭас измоу, арҭ аинтересқәа рыԥсахра ҟалашьа амам, аԥсадгьыли, ауахәамеи, амилаҭтә хәынаӡарақәеи рыхьчара нанагӡоит!
“2012 шықәсазы аҳәынҭқарра асоциалтә политика аганахьала иамоу азнеишьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Иалагеит ауниверсалтә агәабзиарахьчаратә программа, асоциалтә цхыраара зҭаху ауааԥсыра рзы асоциалтә цхыраара апакетқәа акырӡа ирҭбаауп, аполитикатә интересқәа инарықәыршәаны асоциалтә цхыраара аизшара ихыркәшеит.
Қырҭтәыла “Ақырҭуа гәахәтәы” аҳәынҭқарра анапхгараан Евроинтеграциа амҩаҿы аихьӡара дуқәа ҟалеит. 2012 шықәса рышьҭахь Ассоциира иазку Аиқәшаҳаҭреи Зхы иақәиҭу Ахәаахәҭратә Еиқәшаҳаҭреи анрыбжьарҵаз, атәыла аиуит авизадтә неиааира. Ҳақәԥара абзоурала, акандидат статус ҳауит, ари астатус Қырҭтәыла аӷацәа Қырҭтәыла шантаж азы рхы иадырхәо иалагеит. Европатәи абиурократиа уажәгьы Қырҭтәыла ашантаж азыҟанаҵоит, идемократиатәым мчқәа рырхынҳәра иадгылоит, аха ҳара ауаажәларра ажәа раҳҭоит ҳполитикатә гәыԥ ауадаҩрақәа зегьы ишахәҭо еиԥш рыӡбара шалшо, насгьы Қырҭтәыла 2030 шықәсазы ЕС алалара зҭаху акандидат тәылақәа зегь иреиӷьны шазыхиахо.
Иахьа Қырҭтәыла ахьыԥшымреи асуверенитети амоуп, ахаан ишыҟамыз еиԥш, иахьа ҳтәыла аинтересқәа ԥырхага рыҭара, атәыла аусқәа рҽалагалара, ақәыӷәӷәара аӡәгьы илшом. “Ақырҭуа гәахәтәы” анапхгара аусзура амилаҭтә интересқәа роуп шьаҭас измоу, арҭ аинтересқәа рыԥсахра ҟалашьа амам, аԥсадгьыли, ауахәамеи, амилаҭтә хәынаӡарақәеи рыхьчара нанагӡоит!”, – иануп “Ақырҭуа гәахәтәы” аҳәамҭа аҿы.