Ақырҭуа аруаа иҭахаз рҩызцәа ранацәа хәажәкыра 3 рыдырныҳәалеит
Ақырҭуа аруаа иҭахаз рҩызцәа ранацәа хәажәкыра 3 рыдырныҳәалеит

Ақырҭуа аруаа Қырҭтәыла аҵакрыадгьылтә акзаара азықәҧареи,  жәларбжьаратәи амиссиақәеи,  амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡареи аан   иҭахаз рҩызцәа ранацәа хәажәкыра 3 рыдныҳәаланы,  ашәҭқәа рырҭеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала,  Ан лымш инамаданы,  аруаа Қырҭтәыла еиуеиҧшым ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь инеины,  иҭахаз арратә маҵзуҩцәа рҭаацәарақәа ирҭааит.