Ақырҭуа аруаа Қырҭтәыла аҵакрыадгьылтә акзаара азықәҧареи, жәларбжьаратәи амиссиақәеи, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡареи аан иҭахаз рҩызцәа ранацәа хәажәкыра 3 рыдныҳәаланы, ашәҭқәа рырҭеит.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, Ан лымш инамаданы, аруаа Қырҭтәыла еиуеиҧшым ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь инеины, иҭахаз арратә маҵзуҩцәа рҭаацәарақәа ирҭааит.