Апрокурор Гьаргь Гогаӡе  Апрокурорцәа жәларбжьаратәи рассоциациа авице-ахадас далырхит
Апрокурор Гьаргь Гогаӡе  Апрокурорцәа жәларбжьаратәи рассоциациа авице-ахадас далырхит

Апрокурорцәа жәларбжьаратәи рассоциациа авице-ахадас далырхит «Евроџьаст» (EUROJUST) аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак, апрокурор Гьаргь  Гогаӡе.

Қырҭтәыла Апрокуратура хада аинформациа инақәыршәаны,   ассоциациа амаӡаныҟәгаҩ хада  Хан Моралл ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла апрокуратура кыршықәса рыҩныҵҟа Апрокурорцәа жәларбжьаратәи рассоциациа қәҿиарала аус ацнауеит,  убри аҟынтә,  Қырҭтәыла апрокуратура ахаҭарнак,   IAP анагӡаратә комитет иалахәы  Гьаргьы  Гогаӡе авице-ахадас далырхит.

Гьаргь  Гогаӡе ассоциациа авице-ахадас далырхит Апрокурорцәа жәларбжьаратәи рассоциациа  27-тәи есышықәсатәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аилатәараҿы.