Аполициа адыррала, Лос-Анжелес ааигәара иҟалаз ахысраан иҭахеит жәҩык иреиҵамкәа ауааҧсыра
Аполициа адыррала, Лос-Анжелес ааигәара иҟалаз ахысраан иҭахеит жәҩык иреиҵамкәа ауааҧсыра

Аполициа адыррала, Лос-Анжелес ааигәара иҟалаз ахысраан иҭахеит жәҩык иреиҵамкәа ауааҧсыра. Ари аинформациа аланарҵәеит Лос-Анжелес атәылаҿацә ашериф идепартамент. Ахәрақәа зауз иҟоуп,  аха, урҭ рхыҧхьӡара макьана еилкаам.

Аинцидент ҟалеит  ақалақь Монтери апаркаҿ,  уаҟа аҭыҧантәи ауааҧсыра китаитәи Ашықәс ҿыц азгәарҭон.

Ари ахҭыс шыҟалаз збаз ауаа ишырҳәаз ала, хаҵак автоматтә бџьарла ахысра дшалагаз рбеит.