Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра – Иахьанӡа имҩаҧгаз алабораториатә гәаҭарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла аҟәаратә цәаҳәа зегьы аҿы Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра – Иахьанӡа имҩаҧгаз алабораториатә гәаҭарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла аҟәаратә цәаҳәа зегьы аҿы Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп

Агентра ала иахьанӡа имҩаҧгаз алабораториатә гәаҭарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла аҟәаратә цәаҳәа зегьы аҿы Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.

Адырра инақәыршәаны,  Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра Амшын еиқәа аӡы амониторинг еиҧҟьарада имҩаҧнагоит.

„Аҭҵаарақәа есышықәса 12 ҭыҧк рҿы имҩаҧысуеит. Амшын еиқәа аӡы ахкқәа Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра атмосфератә ҳаири адгьыли ранализ мҩаҧызго,  ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу  алабораториахь идәықәҵоуп. Агентра ала иахьанӡа имҩаҧгаз алабораториатә гәаҭарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла аҟәаратә цәаҳәа зегьы аҿы Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоуп. Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра, Евроеидгыла амшынтә стратегиа адиректива инақәыршәаны, амониторинг асистема аиҕьтәразы активла аусура нанагӡоит. Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ала имҩаҧгоу алабораториатә гәаҭарақәа рылҵшәақәа кьыҧхьуп агентра авебдаҟьаҿы“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.