Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра  - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара еиҭах анорма аҳәаақәа ирыҵанакәеит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара еиҭах анорма аҳәаақәа ирыҵанакәеит

Ԥхынгәы 6-и 10-и рзы Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра  имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, Амшын еиқәа аӡы  59- апараметрқәа рыла анорма аҳәаақәа ирыҵанакәеит.

Агентра аинформациа ала, ишьақәгылоу ахимиатә параметрқәа, урҭ иреиуп 13 ихьанҭоу аметаллқәа, 16 полиароматтә маҭәашьар, уҳәа уб.егь. Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара амониторинг жәамш рахь знык жәстанциак рҿы мҩаԥгахоит, аҭҵаарақәа рхыркәшара ашьҭахь ауааԥсыра алҵшәақәа ирызку адыррақәа роуеит.