Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра  - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара анорма аҳәаақәа  ирыҵанакәеит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра  - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара анорма аҳәаақәа  ирыҵанакәеит

Адгьылбжьаратә мшынаҿ аҧсыӡкразы Акомиссиа хадеи (GFCM), ЕАР афатәаалыҵи ақыҭанхамҩеи рзы аиҿкаареи (FAO) адгыларала болгариатәи Бургас имҩаҧысуаз асубрегионалтә гәыҧ аилатәараҿы болгариатәи аспециалистцәа ақырҭуа коллегацәа ирыдаргалеит Амшын еиқәаҿы имҩаҧгаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра.

Аинформациа ишану ала,  аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Амшын еиқәа аӡы акомпонентқәа зегьы анорма аҳәаақәа ишрыҵанакәа.

«Иаҵшьны иазәгаҭатәуп аӡы акомпонентқәа рҭаҵәах инақәыршәаны, Амшын еиқәаҵәаҿы аҧсыӡкра анагӡара ҟалоит», — иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра   аинформациаҿы.