Аҧыза-министри  EIB авице-ахадеи Қырҭтәыла аҿиара  жәашықәсатәи аплани атәыла арҿыцра иазку зымҽхак ҭбаау  апрограммеи иалацәажәеит
Аҧыза-министри EIB авице-ахадеи Қырҭтәыла аҿиара жәашықәсатәи аплани атәыла арҿыцра иазку зымҽхак ҭбаау апрограммеи иалацәажәеит

Қырҭтәыла аҿиара жәашықәсатәи аплан аиқәыршәареи атәыла арҿыцра иазку зымҽхак ҭбаау апрограммеи  иалацәажәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Европа Аинвестициатә банк  (EIB) авице-ахада Тереза Червинскаиеи реиҧылараҿы.  Аиҧылара мҩаҧган авидеоконференциа аформат аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы EIB авице-ахада инарҭбаау аинформациа лиҭеит иара иҧшьгарла зеиқәыршәара иаҿу атәыла аҿиара жәашықәсатәи аплан иазкны. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа,  атәыла арҿыцра иазку зымҽхак дуу апрограммагьы иалацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, абри апроцесс аҿы апартниорцәа рыдгылара аҵакы ду амоуп.
Уи адагьы, авидеоконференциа аан ишазгәаҭаз ала,  EIB абизнес маҷи абжьаратә бизнеси аҿиара апроцесс аҽаланархәоит, иашьашәалоу апрограммақәа рымҩаҧгара иацхраауеит.
Аиҧылара алахәылацәа аглобалтә пандемиа иаҿагылоу ақәҧараҿы иҟоу аекономикатә проблемақәеи Қырҭтәылеи Европа Аинвестициатә банки русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи ирылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили Европа Аинвестициатә банк ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы Қырҭтәыла иахьацхрааз азыҳәан, абри ацхыраара абзоурала, атәыла агәабзиарахьчаратә система иаамҭаны апандемиа ақәҿыҭра алшеит, аекономика аиҭашьақәыргылара аплан анагӡаразы алшара ҟалеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Европа Аинвестициатә банк аҧарала уажәазы атәылаҿы имҩаҧысуа аинвестициатә проектқәа атәылазы аҵакы ду рымоупҷыдала, апандемиа аамышьҭахьтәи аамҭазы.

Ишазгәаҭаз алаҚырҭтәылеи Европа аинвестициатә банки аус еицыруеит зҵакы дуӡӡоу аинвестициатә проектқәа мацараз акәымкәа, аполитикатә хырхарҭалагьы, избанзар 2024 шықәсазы Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵаразы аҽазыҟанаҵоит. Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Евроеидгыла алалара – Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари еицҿакны ирыдыркылаз аӡбароуп. 
Европа Аинвестициатә банк атәыла аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа ирыланаҵахьеит 2 миллиард евро, убри абзоурала,   Евроеидгыла мрагыларатәи агәыларатә регион аҿы Қырҭтәыла,  Европа Аинвестициатә банк ахадаратә хархәаҩс иҟалеит.
Аиҧылара алахәылацәа ибзианы иахцәажәеит хазхаҭалатәи асектор аҿы аоперациақәа рҭаӡара аизырҳара иазкны Европа Аинвестициатә банк иаднакылаз аӡбара, ишазәгаҭаз алахазхаҭалатәи асектор аупбжеиҳарала, аекономикатә азҳареи, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, аҿыцҧшьграқәа рынагӡареи еиқәзыршәо. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Евроеидгыла аинициативақәа рыла ҳтәылаҿы абизнес маҷ арҕәҕәара дақәшаҳаҭуп, уи афинанстә алахәызаара аизырҳареи  кыраамҭатәи аекономикатә азҳара аиқәыршәареи иацхраауеит.