Аҧыза-министр Шәамахьтәыла ахада диҧылеит
Аҧыза-министр Шәамахьтәыла ахада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла ахада Ваган Хачатуриан диҧылеит. 

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ҩ-ганктәи русеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит. 

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит адунеии арегиони рҿы ашәарҭадара азҵаарақәа. Иахәаҧшит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иаҧшьигаз  „Аахыҵ Кавказ аҿы агәыларатәи аҭынчратә инициатива“, уи ала иазҧхьагәаҭоуп 3 тәылак рыбжьара адиалог аформат аҧҵареи зегьы ирзыфеидоу ахырхарҭақәа рыла аусеицуреи. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Аахыҵ Кавказ аҿы ҭынч  аусеицуреи аицынхареи еснагь иазҿлымҳан, уажәгьы, арегионалтә диалог амҩаҧгара ацхраара иазыхиоуп. Шәамахьтәыла ахада Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аҭынчратә диалог апроцесс аҿы иҟаиҵаз алагала ду азыҳәан.