Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Ереван, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рмилаҭтә аизгақәа рматчаҿ дыҟан 
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Ереван, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рмилаҭтә аизгақәа рматчаҿ дыҟан 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан дицны, Ереван, Вазген Саргсиан ихьӡ зху астадионаҿ, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизгақәа рматчаҿ дыҟан.  

Амилаҭқәа рлига плеи-офф раҧхьатәи аиҧылараҿы Қырҭтәыла аизга,  3:0 ҳәа, аиааира агеит.  

Аҧыза-министрцәа ирыцны  ари аматчаҿ иҟан ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа.  

Аматч ашьҭахь Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла амилаҭтә аизга алахәылацәа дырԥылан, аиааира рыдиныҳәалеит.

Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рмилаҭтә аизгақәа аҩбатәи рматч мҩаҧысуеит Қарҭ,  „Динамо аренаҿ“, хәажәкыра 23 рзы.