Аҧыза-министр Иракли Коабахиӡе Узбекистантәи ареспублика ахада Шавкат Мирзиоев диҧылеит
Аҧыза-министр Иракли Коабахиӡе Узбекистантәи ареспублика ахада Шавкат Мирзиоев диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Коабахиӡе Узбекистантәи ареспублика ахада Шавкат Мирзиоев диҧылеит.

Аиҧылараҿы ҩ-тәылак рполитикатә еизыҟазаашьақәеи ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәеи рырҭбаара иалацәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аимадара аиқәыршәара аҵаки Абжьаратә корридор арҿиара аус аҿы Қырҭтәылеи Узбекистани русеицура инанагӡо ароль дуи иазааҭгылеит. Аҧыза-министр Қырҭтәыла атранзиттә функциа иаҳа арҕәҕәара иазку апроектқәа дрылацәажәеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла еиқәыршәоу аинвестициатә лагылазаара бзиеи амиллионрацәалатә џьармыкьа ахархәара аганахьала Қырҭтәыла аинвесторцәа ирыднагало алшареи. Ари аконтекст аҿы иазгәаҭан атуризми, аенергетикеи, иеиҭамҵуа амали, ааглыхреи, алогистикеи, аинформациатә технологиақәеи аусхкқәа аҧара ралаҵара аганахьала иҟоу алшарақәа.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, атуризми, аҵареи, акультуреи, аспорти аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара  аперспективақәа ирзааҭгылеит.

Аиҧылара алахәылацәа жәларбжьаратәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы ҩ-тәылак русеицура иалацәажәеит.

Аҧыза-министр Узбекистантәи ареспублика ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Шавкат Мирзиоев Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩи ақырҭуа делегациа алахәылацәеи Узбекистан ахада иханаҿ идикылеит.