Аҧышәарақәа рзы амилаҭтә центр  - Аҧышәарақәа ралагара арыцхә иазкны ииашам аинформациа аларҵәара аиуит, абитуриентцәа ҳрыҳәоит цқьа игәаҭам аинформациа рхы иадмырхәарц 
Аҧышәарақәа рзы амилаҭтә центр  - Аҧышәарақәа ралагара арыцхә иазкны ииашам аинформациа аларҵәара аиуит, абитуриентцәа ҳрыҳәоит цқьа игәаҭам аинформациа рхы иадмырхәарц 

Аҧышәарақәа рзы амилаҭтә центр  аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала, асоциалтә аҳақәа рҿы аларҵәара аиуит  2023 шықәсатәи аҧышәарақәа ралагара арыцхә иазку ииашам аинформациа.

«Аҧышәарақәа рзы амилаҭтә центр абитуриентцәа ирыҳәоит цқьа игәаҭам аинформациа иамыхәаҧшырц, ацентр аофициалтә саит www.naec.ge. иану аинформациа мацара рхы иадырхәарц.

Хара имгакәа абри асаитаҿ ицәыргахоит аҧышәарақәа реихшанҵеи аҧышәарақәа ирызку егьи аинформациеи.

Ацентр аҭак аҧхықәуп иара ахаҭа иаланарҵәо аинформациа мацараз», — иануп Ацентр аҳәамҭаҿы.