Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь, аҧкрақәа етапла рырҧсыҽра аплан цәыригеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәан, иашьашәалоу аӡбарақәа рыдыркылеит.
„Апарламент аҿы санықәгылоз аҧкрақәа рырҧсыҽра иазкны ишшәасҳәаз еиҧш, иахьа, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳалацәажәан, иашьашәалоу аӡбарақәа ҳадаҳкылеит. Ажәлар арҭ аӡбарақәа идсырдырыр сҭахуп.
Ишәыдазгалоит аекономикатә усура етапла аиҭашьақәыргылара аплан.
- Ашьхатә курортқәа рҿы асасааирҭақәа ааҳартуеит уаҵәы, жәабран 25 инаркны, уажәазы ишьақәыргылоу аепидемиологиатә стандартқәеи арегулиациақәеи рыхьчара ала;
- ашьхатә курортқәа рҿы иҟоу ашахамҩақәа ааҳартуеит хәажәкыра 8 инаркны, уажәазы ишьақәыргылоу аепидемиологиатә стандартқәеи арегулиациақәеи рыхьчара ала;
- ақалақьбжьаратә транспорт аусура еиҭалагоит уаҵәы, жәабран 25 инаркны;
амуниципалтә транспорт асабшеи амҽышеи рзгьы аус ауеит;
- аресторанқәа иарку ақәыҧшылараҿы асабшеи амҽышеи рзы аусура еиҭалагоит Баҭым хәажәкыра 1 инаркны, Қырҭтәыла егьи ахәҭаҿы хәажәкыра 8 инаркны;
- асааҭ 21 инаркны шьыжьымҭан асааҭ 5-нӡа аиҭаҵразы ишьақәыргылаз аҧкра амч амазаауеит;
- аресторанқәа, иарку ақәыҧшылараҿы, ишьақәыргылоу абжьагарақәеи астандартқәеи рыхьчара рықәшәоит, иашьашәалоу аусбарҭақәа ари апроцесс ҕәҕәала иахылаҧшуеит;
- аконференциақәеи атренингқәеи, иашьашәалоу апротокол ахьчара ала, еиҭашьақәгылахоит хәажәкыра 1 инаркны;
- аспорттә залқәа аусура еиҭалагоит хәажәкыра 15 инаркны, иҳәаақәҵоу арегулиациақәа рыхьчара ала;
- аҳәынҭқарратәи, иара убас, хазхаҭалатәи ахәыҷбаҳчақәа аусура еиҭалагоит хәажәкыра 1 инаркны, аха урҭ русзуҩцәа рҟынтә 20 % есҩымчыбжь рыла знык хымҧада атестирра иахысроуп;
- иреиҳаӡоуи азанааҭтәи аҵараиурҭақәа хәажәкыра 1 инаркны апрактикатәи алабораториатәи усурақәа рымҩаҧгареи аҧышәарақәа рымҩаҧгареи рылшоит, хәажәкыра 15 инаркны — аудиториақәа рҿы аҵаратә процесс еиҭашьақәгылоит;
- ашколтә гәыҧқәа аусура еиҭалагоит хәажәкыра 15 инаркны;
амузеиқәеи абиблиотекақәеи аусура еиҭалагоит хәажәкыра 1 инаркны;
- атеатрқәеи, аспорттә клубқәеи, апрофессионалтә ансамбльқәеи арепетициақәеи азыҟаҵарақәеи рымҩаҧгара еиҭалагоит хәажәкыра 15 инаркны, инагӡаны аусура еиҭалагоит (ахәаҧшцәа рыла атеатралтә ақәыргыларақәеи, аспорттә аицлабрақәеи) мшаҧы 1 инаркны;
- ахәаахәҭратә мольқәеи, аџьармыкьақәеи асабшеи амҽышеи рзгьы аусура еиҭалагоит хәажәкыра 8 инаркны;
- иара убас, Аусбарҭабжаьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы аӡбара рыдыркылеит атәылашҟа аҭааҩцәа рынашьҭразы ишьақәыргылоу арегулиациақәа рырҧсыҽра анеҩстәи аетап азгьы, лымкаала, акоронавирус азы атест иҵоурам аҭак ала аҳаиртә мҩала Қырҭтәылаҟа зтәылауаа аара зылшо атәылақәа реиқәыҧхьаӡа, хәажәкыра 1 инаркны иацлоит анеҩстәи атәылақәагьы: Шәамахьтәыла, Азербаиџьан, Украина, Казахстан, Урыстәыла, Беларус.
- адгьылтә аҳәаақәа рҿы иахьа уажәраанӡа ишьақәыргылаз аҧкрақәа аанхоит.
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахылаҧшра ала аҧкрақәа рырҧсыҽразы аӡбарақәа ҳадаҳкылоит аепидемиологиатә анализ ашьаҭа ала. Атәылауаа атәылауаҩратә ҭакҧхықәра ду аадырҧшып, азеиҧш ҽазышәарала ҭагылазаашьа ахылаҧшра ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит”, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.