Апартиа "Гахариа Қырҭтәылазы" апарламент алалара аӡбамҭа аднакылеит
Апартиа "Гахариа Қырҭтәылазы" апарламент алалара аӡбамҭа аднакылеит

Апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы” апарламент алалара аӡбамҭа аднакылеит, – имҩаԥгаз абрифинг аҿы иҳәеит апартиа алахәыла Гьаргь Шарашиӡе.

Шарашиӡе иажәақә рыла, апарламенти сакребулои ртрибунақәа рхархәра мап ацәкра атәылеи ажәлари рҿаԥхьа ацәгьоуроуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Ԥхынгәы 2 рзы Апроцессуалтә зҵаарақәа ркомитет Гахариа ипартиа алхратә сиа иалоу 12-ҩык апарламенттә рзинмчы аанкылара иадгылеит. Азинмчы рзаанкылан Гьаргь Гахариеи 11-ҩык ипартиа алахәылацәеи – Ҭеона Ақубардиа, Анна Бучукури, Леван Гогичаишвили, Заза Ҭаваӡе, Беқа Лилуашвили, Наҭиа Мезвришвили, Берда Сиҷинава, Кахабер Қемоклиӡе, Роину Қочорашвили, Дмитрии Цқитишвили, Звиад Ӡиӡигури. Иҟаҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра апарламент аилатәарақәа ирылахәымызт.