Апартиа "Гахариа Қырҭтәылазы" алахәылацәа апарламент ахь инеит
Апартиа "Гахариа Қырҭтәылазы" алахәылацәа апарламент ахь инеит

Апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы” алахәылацәа апарламент ахь инеит.

Апартиа алидерцәа руаӡәы, Гьаргь Шарашиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, “Агәахәтәы” алегализациа аназшьаз жьҭаара 4 рзы аҭынчратә акциа ахҳәара иалахәыз аҭакԥхықәра змам аполитикцәа роуп.

Апартиақәа раԥыхра иадҳәаланы ажурналистцәа изықәдыргылаз азҵаара иаҭакны Шаашиӡе ишазгәеиҭаз ала,  “апартиа аиқәхара алшоит”.

Апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы” апарламент алалара аӡбамҭа аднакылеит.

Жьҭаара 26 рзы апартиа аполитхеилак алахәыла Русудан Ҭевзаӡе апарламенттә мандат мап ацәкны, апартиа “Гахариа – Қырҭтәылазы” далҵит.