Апартиа "Ақырҭуа гәахәтәы" хантәаҩыс аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе далырхит
Апартиа "Ақырҭуа гәахәтәы" хантәаҩыс аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе далырхит

Апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” иахьатәи аизара ду аҿы апартиа хантәаҩыс аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе далырхит.

Апартиа ахантәаҩы иҭыԥ иҭацәын Иракли Ӷарибашвили инапынҵақәа рышьҭаҵара ашьҭахь.

Иракли Кобахиӡе апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы иҭыԥ ааникылон 2021-2024 шш рзы.