Апарламент аҿы Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь акандидатцәа рықәгыларақәа уаҵәы иалагоит
Апарламент аҿы Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь акандидатцәа рықәгыларақәа уаҵәы иалагоит

Апарламент аҿы Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь акандидатцәа рықәгыларақәа уаҵәы иалагоит. Аиԥыларақәа Ауаҩытәыҩа изинқәа рыхьчареи Атәылауаҩратә интеграциеи ркомитетқәа рҿы мҩаԥысуеит. Ари азҵаара иахәаԥит абиуро аилатәараҿ.

Абиуро аилатәараҿ апарламенттә аиҳара алахәыла Михаил Сарџьвелаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ауаҩытәыҩа изинқәа рыхьчареи Атәылауаҩратә интеграциеи ркомитетқәа рҿы Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь акандидатцәа рықәгыларақәа асабшанӡа нагӡахоит.

“Уаҵәы инаркны Жәлар рыхьчаҩ иҭыԥ ахь акандидатцәа рықәгыларақәа иалагоит.  Ақәгыларақәа асабшанӡа нагӡахоит”, – иҳәеит Сарџьвелаӡе.