Апарламент аҿы иахьа Маиа  Цқитишьвили дықәгылоит
Апарламент аҿы иахьа Маиа Цқитишьвили дықәгылоит

Апарламент ажәабатәи ааԥхьара апарламентарцәа аминистрцәа рзыӡырҩра иалагоит.

Аминистр исааҭ аҳәаақәа ирҭагӡаны иахьа апараламентарцәа рҿаԥхьа Аинфраструктуреи арегионалтә ҿиареи рминистр Маиа Цқитишьвили дықәгылоит.

Маиа Цқитишьвили азакәанԥҵаҩцәа лусҳәарҭа нанагӡаз апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызку аҳасабырба рызҵәырылгоит.

Афракциа “Ақырҭуа гәахәтәы” алхәыла Маиа Қвривишьвили лажәақәа рыла, аинфраструктуреи арегионалтә ҿиареи атәыла аҿиара аус аҿы аҵак ду рымоуп, аусҳәарҭа нанагӡо апроектқәа  ирыбзоураны Қырҭтәыла европатәи астандартқәа иаҳа ирзааигәахоит.