Апарламент аҿы Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рзы аконсультациақәа мҩаҧысуеит
Апарламент аҿы Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рзы аконсультациақәа мҩаҧысуеит

Уажәы апарламент аҿы Евроеидгыла аҟынтә атәыла иаиуз 12 абжьагарақәа рзы аконсультациақәа мҩаҧысуеит.

Аиҧылараҿ дыҟоуп апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили. Аиҧылара иалахәып аоппозициатә партиақәа  «Гирчи», «Атәылауаа»,  «Қырҭтәылазы» ахаҭарнакцәеи аоппозициатә депутат  Хаҭуна Самниӡеи.

Иара убас, анапхгаратә гәыҧ аҟынтә аиҧылара рхы аладырхәоит адепутатцәа Анри  Оханашвилии Михаил Сарџьвелаӡеи.

Аиҧылара алахәылацәа абжьагарақәа рҟынтә актәи апункт – атәылаҿы адеполиаризациа иалацәажәоит.