Апарламент  «Амнистиа иазку» азакәанпроект аднакылеит
Апарламент  «Амнистиа иазку» азакәанпроект аднакылеит

Апарламент  «Амнистиа иазку» азакәанпроект аднакылеит

Қырҭтәыла апарламент, ахҧатәи аҧхьарала,  «Амнистиа иазку» закәанпроект аднакылеит.

Апроект автор  — ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы акомитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала,  амнистиа рыдкьыслоит  еилаӡарала ашьауҕа зқәу фнызқьҩык абаандаҩцәеи 2012шықәса ажьырныҳәа 1нӡа ашьауҕатә ақәҵара ала ахараҧса зқәырҵаз 4 нызқьҩык ауааҧсыреи. Адепутат ишиҳәаз ала, зыӡбазәы ҳәоу азакәан здызкьысло ауаа ргәыҧ дууп.

« Ари закәан рыдкьыслоит абаандаҩтәраҿы иҟоу  1500ҩык иреиҳаны ҳтәылауаа. Иара убас, амнистиа рыдкьыслоит  еилаӡарала ашьауҕа зқәу фнызқьҩык абаандаҩцәеи 2012шықәса ажьырныҳәа 1нӡа ашьауҕатә ақәҵара ала ахараҧса зқәырҵаз 4 нызқьҩык ауааҧсыреи », — иҳәеит Сарџьвелаӡе.

Иара ишазгәеиҭаз ала, асистематә ацәгьаурақәа рзы иҭаку ауааҧсыра ари азакәан рыдкьыслом.