Апарламент алахәылацәа Аиустициа ахеилак иӡбаҩцәам хҩык алахәылацәа алырхит, аоппозициаа рыхәҭак абжьыҭираан игыланы ицеит
Апарламент алахәылацәа Аиустициа ахеилак иӡбаҩцәам хҩык алахәылацәа алырхит, аоппозициаа рыхәҭак абжьыҭираан игыланы ицеит

Апарламент алахәылацәа Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак иӡбаҩцәам хҩык алахәылацәа алырхит. Иахьатәи апленартә аилатәараҿы Тристан Бенашвилии, Гьаргь Гзобавеи, Зураб Гураспашвилии иаҭахыз абжьқәа рхыҧхьаӡара роуит.

Аустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла иалхразы  90 иреиҵамкәа абжьқәа аҭахын, убри аҟынтә, абжьыҭира иалахәызар акәын аиҳареи, иара убас, аиҵарагьы ахаҭарнакцәа.

Зынӡа 29ҩык акандидатцәа рзы абжьыҭира мҩаҧгатәуп. Аоппозициаа рыхәҭак абжьыҭираан игыланы ицеит, убри аҟынтә, абжьыҭира апроцесс аанкылан, уи нагӡахоит атехникатә ҧсшьара ашьҭахь. Апарламенттә аиҳара ишырҳәаз ала,  аоппозициаа асаботаж ҟарҵеит.

Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак аҿы уажәазы иҭацәны иҟоуп 5 ҭыҧк.