Апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳасабырба цәыббразы икьыԥхьхоит
Апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳасабырба цәыббразы икьыԥхьхоит

«Қырҭтәылатәи Апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аҳасабырба апроект иахьа цәыраагом», – ҳәа илҳәеит 2003-2012 шықәсқәа рзы иҟаз арежими, ари арежим аполитикатә амаҵзураҭыҧқәа аанызкылоз ахаҿқәеи, аполитикатә партиақәа ирылоу ҧасатәи уажәтәи амаҵзурауааи  2003 шықәса инаркны иахьанӡа роуранагӡара ҭызҵаауа Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа ахантәаҩы Ҭеа Ҵулукиани акомиссиа аҳасабырба дахцәажәеит.

Уи лажәақәа рыла, аҳасабырба цәыббразы икьыԥхьхоит.

“Ауаажәларр апроцедуратә зҵаара иазкны аинтерес рызцәырҵыр ҟалап. Иахьа акомиссиа алахәылацәа ргәаанагарақәа анырҳәалак ашьҭахь, аҳасабырба апроект абжьыҭирахь иқәҳаргылоит, аха аҳасабырба ахаҭа иахьа икьыԥхьхом”,-илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани.