Апарламент аԥхьа "Амилаҭтә ҵысра" акциа мҩаԥнагоит
Апарламент аԥхьа "Амилаҭтә ҵысра" акциа мҩаԥнагоит

Апарламент аԥхьа, Русҭавели имҩаду аҿы “Амилаҭтә ҵысра” акциа мҩаԥнагоит.

Акциа алахәылацәа ԥасатәи ахада, Михеил Саакашвили атәылауаҩратә клиникахь ииагара идҵаны иқәдыргылоит.

“Аанкыларанӡа афырхаҵара мариоуп, аха абахҭаҿ афырхаҵара анулшо, ҩынтә уфырхаҵоуп. Миша дфырхаҵоуп. Нагӡара иқәзааит Қырҭтәыла ахԥатәи ахада Михеил Саакашвили. Сара сматематикуп, алгебратә зҵаара аӡбара шааҭаху издыруеит. Ари иудыруазароуп, аха аҳәынҭқара аргыларазы агәрахаҵара аҭахуп. Еиӷьу анапхгара ҳауеит ҳәа, агәрахаҵара,” – иҳәеит акциаҿ иқәгылаз Мурман Думбаӡе.