Аоппозициатә быжь-партиак аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Аоппозициатә быжь-партиак аҳәамҭа еицыҟарҵеит

«Ҳара, адемократиатә политикатә партиақәа,   ақырҭуа жәлар амчра рзыхынҳәырц азыҳәан аҵыхәанӡа ақәҧара наҳагӡоит. Аҵыхәанӡа, аиааиранӡа ақәҧара наҳагӡоит», — иануп  «Ахалии», «Гирчии», «Дроеи», «Амилаҭ-демократиатә партиеи», «Европатәи Қырҭтәылеи», «Ахақәиҭра ашҭеи», «Афедералистцәеи» еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, «аҵыхәтәантәи ашықәс азы ақырҭуа жәлар агәымшәаратә ақәҧара ҕәҕәала ишьақәдырҕәҕәеит ииашоу,  ишәарҭам, зхы иақәиҭу атәылаҿ анхара шрыхәҭоу, Аконституциа аилагара ишақәшаҳаҭымхо».

«Иванишвили ицәгьауратә режим  аполитикатә ашьҭазаара арҕәҕәеит, уи  ҳуааҧсыра рықәҧара арҕәҕәаразы шьаҭас ирзыҟалоит. Аполитбаандаҩцәеи рҭаацәарақәеи ибзианы иаҳдырбеит ацәгьара аҽанраалара ргәы ишҭам.  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаҭарнакцәа атрадициатә ақырҭуа принципқәа рыхьчоушәа рхы аадырҧшыр рҭахуп, аха, аамҭакала, ахәыҷқәеи, аҳәсеи, ахацәеи, аиашьцәеи аеҳәшьцәеи еиҟәырҭхоит. Иванишвили ирежим ҳтәыла апроблема дуқәа азаанагеит  —  Қырҭтәыла иаҳа-иаҳа зхы иақәиҭу адунеи иацәыхарахоит, ҳаҕа  — Урыстәыла аҿаҧхьа амацара иаанхеит, уи ҳҳәынҭқаррареи ҳхьыҧшымреи рзы ашәарҭара дууп.

Арежим жәлартәи, жәларбжьаратәи, аморалтәи легитимациа ацәыӡит, убри азоуп амцҳәареи арепрессиақәеи зынарыгӡо. Ҳара ҳазлеиҧшым рацәоуп, аха, иаҳзеиҧшу ахықәкы ҳамоуп: акоррупциа знапы алаку ацәгьауцәа ррежим аҭынчратә ақәҧарала аҧсахреи, ииашамкәа абахҭа иҭаку ашәҟәыҩҩцәеи, аҳақьымцәеи, астудентцәеи, актиорцәеи, аполитикцәеи рхақәиҭтәреи, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҳәынҭқаррареи аиқәырхареи, ҳҭоурыхтә ҩнаҿы  — евроатлантикатә қәыҧшылараҿы Қырҭтәыла иахәҭоу аҭыҧ архынҳәреи.   Аҵыхәтәантәи ашықәс азы ақырҭуа жәлар агәымшәаратә ақәҧара ҕәҕәала ишьақәдырҕәҕәеит ииашоу, ишәарҭам,  зхы иақәиҭу атәылаҿ анхара шрыхәҭоу, Аконституциа аилагара ишақәшаҳаҭымхо.  Ҳара, адемократиатә политикатә партиақәа,  ақырҭуа жәлар амчра рзыхынҳәырц азыҳәан аҵыхәанӡа ақәҧара наҳагӡоит. Аҵыхәанӡа, аиааиранӡа ақәҧара наҳагӡоит!», — иануп аҳәамҭаҿы.