Аофициалтә Қарҭ аԥсуааи ауаԥси ҳақьымцәа авакцинациа аҽалархәра рыднагалоит
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭеа Ахвледиани иҟалҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла ишьақәдырӷәӷәаз амилаҭтә план инақәыршәаны, акоронавирус азы алаҵақәа рыҟаҵара апроцесс етап-етапоа инагӡоит.
«Атәылаҿ иҟоу адозақәа раԥхьаӡа иприоритету агәыԥқәа рзыршеит, иашьҭанеиуа аетап аҿы алаҵақәа атәылауаа зегьы рзыҟарҵоит. Иахьазы атәылаҿ имҩаԥысуа авакцинациа апроцесс аҽалархәра рыдаагалоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо амедицинатә персонал, аԥсуааи ауаԥси ҳақьымцәа, урҭ Қырҭтәыла ацентртә напхгара ихзылаԥшуа атерриториаҿ алаҵақәа рыҟаҵара рылшоит,» – илҳәеит Ахвледиани.