Антониу Гутиереш Газа асектор аҿы аимак аиҭалагара иазкны агәынамӡара ааирԥшуеит, уи ааԥхьара ҟаиҵоит ахымца ааныркыларц
Антониу Гутиереш Газа асектор аҿы аимак аиҭалагара иазкны агәынамӡара ааирԥшуеит, уи ааԥхьара ҟаиҵоит ахымца ааныркыларц

ЕАР амаҿаныҟәгаҩ хада Антониу Гутиереш Газа асектор аҿы аимак аиҭалагара иазкны агәынамӡара ааирԥшуеит.

“Израиль атәылахьчаратә мчқәа адәытә операциақәа рырҭбаара аинтенсивтә аҳауатә жәылареи, Газа аганахьала Израиль аган аракетатә жәыларақәа реиҭалагареи ирхылҵит”, – иануп Гутиереш иҳәамҭаҿ.

ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада агуманитартә хцыраара ашьҭра рылшар азы, ахымца аанкылара ааԥхьарала дықәгылоит.

„Жәларбжьаратә агуманитартә зин иџьбароу ҵасқәа амоуп, урҭ аҳасаб рзымура ҟалом. Ари a la carte мениу акәҿам,  уи алԥшаарала ахархәара ҟалом”, -иазгәеиҭеит Гутиереш