Антониу Гутерриш – Мариуполь иҟоу азауад «Азовстали» уи иаҧну аҵакырадгьылқәеи рҟынтә 500ҩык раҟара аевакуациа рызуп
Мариуполь иҟоу азауад «Азовстали» уи иаҧну аҵакырадгьылқәеи рҟынтә 500ҩык раҟара аевакуациа рызуп. ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ари атәы иҩит Twitter аҿы.
«ЕАРи Аџьар Ҟаҧшьи еицымҩаҧыргаз аоперациа абзоурала, Мариуполь иҟоу азауад «Азовстали» уи иаҧну аҵакырадгьылқәеи рҟынтә 500ҩык раҟара аевакуациа рызуп. Ҳаҧхьаҟа Москвеи Киеви рыбжьара акоординациа абзоурала, аҭынчуаа ревакуациазы «агуманитартә» ааҭгыларақәа рхыҧхьаӡара иаҳа ирацәахап ҳәа сгәыҕуеит», — иҩит Гутерриш.