Анналена Бербок - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Балканқәа ртәылақәеи рекономикақәа рырҿиараҿ ҳрыцхраар, ихьчоу агеополитикатә фланги иӷәӷәоу ауаажәлари ҳауеит
«Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Балканқәа ртәылақәеи рекономикақәа рырҿиараҿ ҳрыцхраар, ихьчоу агеополитикатә фланги иӷәӷәоу ауаажәлари ҳауеит», — илҳәеи Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок.
Бербок лажәақәа рыла, Евроеидгылазы арҭбаара агеополитикатә зда ԥсыхәа амам ҭагылазаашьоуп.
«Путин иУрыстәыла Европаҿ ахатә аимпериалисттә хықәкқәа нанагӡоит, ари Украина аизолиациа мацара акәым, Молдовеи, Қырҭтәылеи, мраҭашәаратә Балканқәа ртәылақәеи ризолиациагьы ауп иаанаго. Урыстәыла арҭ атәылақәа ирԥырхагахар, ҳара ҳаззегьы ҳаԥсыҽхоит. Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мраҭашәаратәи Балканқәа ртәылақәеи рекономикақәа рырҿиараҿ ҳрыцхраар, ихьчоу агеополитикатә фланги иӷәӷәоу ауаажәлари ҳауеит», — илҳәеитАнналена Бербок.