Анналена Бербок – Сара Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лаҳасаб мацарала акәыӡам шәтәыла сшаҭааз, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа иадгыло шәтәыла аҩызцәа среиуп
«Даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп – сара Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лаҳасаб мацарала акәымӡам шәтәыла сшаҭааиз, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа иадгыло шәтәыла аҩызцәа среиуп», — илҳәеит Анналена Бербок иацы Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аинформациа иадҳәаланы Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист илиҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз.
Лымкаала, зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа инақәыршәаны, Қырҭтәыла европатәи ахырхарҭантә ахьаҵра аҽазкра шыҟоу убарҭоуп.
«Аиҩызара — амш бзиа аан акы уанақәгәырҕьуа, ак аназгәауҭо мацара акәӡам, аиҩызара афырҭын аангьы иҟазароуп. Евроеидгылеи, Қырҭтәылеи, Германтәылеи, ирылшо зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла иаларц азыҳәан. Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесс нагӡахароуп, иахьа ари азҵаара ҳалацәажәеит. Аиашаӡбара аусхки ажәа ахақәиҭреи – зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Евроеидгылахь зхы рхоу амҩа мариам, ареформақәа мҩаҧгатәуп, аҳәаанырцәтәи анырра цәгьашақә ахархәара ҟалом. Убри азоуп исҳәаз зысҳәас. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы сареи Илиа Дарчиашвилии иаартны ари азҵаара ҳалацәажәон», — илҳәеит Анналена Бербок.