Анна Долиӡе - Аоппозициаа ауснагӡатә план рыдаҳгалоит, аплан инақәыршәаны, сакребулоҿ аоппозициаа аиҳарароуп, ақалақь ахада иимпичмент азҵаара иқәдргылар рылшоит
Анна Долиӡе - Аоппозициаа ауснагӡатә план рыдаҳгалоит, аплан инақәыршәаны, сакребулоҿ аоппозициаа аиҳарароуп, ақалақь ахада иимпичмент азҵаара иқәдргылар рылшоит

Апартиа “Ажәлар рзы” алидер Анна Долиӡе араионтә аоппозициаа аиҳара ахьыҟоу араионтә сакребулоқәа рылахәылацәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит, ахада иимпичмент азҵаара иқәдыргыларц.

Долиӡе лажәақәа рыла, аоппозициа аҟынтә акандидатцәа фымз рышьҭахь ирылшоит ақалақь ахада иимпичемент азҵаара иқәдыргыларц.

Ари иабзоураны атәылаҿ изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара алшахоит. Долиӡе лажәақәа рыла, ахаланапхгараҭарахь алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рыла, аоппозициаа Баҭыми, Русҭави, Жәыргьыҭи, Чхороҵҟуи, Сенаки рсакребулоқәа рҿы аиҳара роуп.