Андреи Руденко -   НАТО асратә системақәа Қырҭтәыла рықәыргылара Урыстәылеи уи адгылаҩцәеи рзы шәарҭоуп, Москвазы уи  "ацәаҳәа ҟаҧшь" ауп
Андреи Руденко -   НАТО асратә системақәа Қырҭтәыла рықәыргылара Урыстәылеи уи адгылаҩцәеи рзы шәарҭоуп, Москвазы уи  "ацәаҳәа ҟаҧшь" ауп

«Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы НАТО ажәыларатә системақәа рықәыргылара Урыстәылеи уи адгылаҩцәеи рзы шәарҭоуп, Москвазы уи  “ацәаҳәа ҟаҧшь” ауп», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Андреи Руденко ажурналистцәа данрацәажәоз.

«НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалареи уи аҵакырадгьыл аҿы алианс ажәыларатә системақәа рыргылареи ҳара ҳзы  «ацәаҳәа ҟаҧшь» ауп, избанзар, уи  амшала, Аахыҵ Кавказ аҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа аҽаҧсахуеит, абри зегьы Урыстәылеи  арегион аҿы  ҳадгылаҩцәеи рзы шәарҭоуп», — иҳәеит  Руденко.

Адипломат иҳәамҭала,  Қырҭтәыла Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа шааннакылазгьы, Москва Қырҭтәылаҟны ҭынч анхареи аусеицуреи иазҿлымҳауп.