Андреи Касианов – Қырҭтәыла аиҳабыра Украина адгыларазы сраҭабууп, ақырҭуа аган украинатәи ахҵәацәа рҭахрақәа зегьы нарыгӡоит
Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак Андреи Касианов Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит украинатәи ахҵәацәа реиҷаҳарзы.
Иара иажәақәа рыла, мшаҧы 3 рзы иҟаз адыррақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла иҟоуп 20 723 ҩык Украина атәылауаа.
«Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп жәларбжьаратәи аформатқәеи егьырҭ аренақәеи рҿы Украина иазаадырҧшуа адгыларазы. Ҳара Қырҭтәыла ҳаҭабууп украинатәи ахҵәацәа реиҷаҳаразгьы. Мшаҧы 3 рзы иҟаз адыррақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла иҟоуп 20 723 ҩык Украина атәылауаа. Арҭ ауаа, ауадаҩрақәа рацәа ирхысны, хыҵакырҭак роурц азыҳәан Қырҭтәылаҟа иаауеит. Украина ацҳаражәҳәарҭа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә структурақәеи активла аус рыцнауеит. Иацы Қарҭ ахада Каха Калаӡе сиҧылеит. Қырҭтәыла иҟоу украинатәи ахҵәацәа ирыгу-ирыбзоу гәарҭарц азыҳәан, иахьа ацҳаражәҳәарҭа адипломатцәа Қәҭешьҟа идәықәлеит, уаантәи Баҭымҟа ицоит. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ари аибашьра мчыбжьык ала ишалымго, убри аҟынтә, аперспективақәа ҳрызхәыцроуп. Аҵара, ахәыҷбаҳчақәа, амедицинатә маҵзура уҳәа, абри зегьы еиқәыршәатәуп», — иҳәеит Андреи Касианов.