Андреи Касианов ишааицҳаз ала, ҧшьышықәсатәи  аусура ашьҭахь иара Қырҭтәыла дықәҵуеит
Андреи Касианов ишааицҳаз ала, ҧшьышықәсатәи  аусура ашьҭахь иара Қырҭтәыла дықәҵуеит

Андреи Касианов ишааицҳаз ала, ҧшьышықәсатәи  аусура ашьҭахь иара Қырҭтәыла дықәҵуеит. Касианов ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

«Қырҭтәылантә сцамҭаз, шәызынтәгьы ишәзеиҕьасшьар сҭахуп аҭынчреи, абзиареи, агармониеи, акзаареи, ақәҿиарақәеи, анасыҧи, мышхәыбзазареи! Сара агәра ганы сыҟоуп Украинеи Қырҭтәылеи азеиҧш ҭоурых мацара акәымкәа, европатәи амилаҭқәа реиҩызаратә ҭаацәараҿы азеиҧш аҧеиҧшгьы шрымоу. Ҳтәылақәа астратегиатә хықәкык рымоуп – Евроеидгылеи НАТОи ралалара  – ари ахықәкы хара имгакәа инагӡахоит!», — иҩит  Касианов.

Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭаҿы Қырҭтәыла Актәи аканал ишазаарыцҳаз ала,  Андреи Касианов ицынхәрас, аамҭалатәи ахаҭарнак инапынҵақәа наигӡоит  Алеқсандр Шульга.