Амуниципалтә аҿиара афонд Аиҳабыратә ақалақь аҿиара аплан хадеи аескизтә проектқәеи рырмазеиразы аконкурс аанацҳаит
Амуниципалтә аҿиара афонд Аиҳабыратә ақалақь аҿиара аплан хадеи аескизтә проектқәеи рырмазеиразы аконкурс аанацҳаит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аинфраструктура аминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, аплан инақәыршәаны, апроект ду нарыгӡоит Қарҭ, Арсеналтә ашьхаҿ, Гедеванишвили имҩа иазааигәаны.
«Аиҳабыратә ақалақь апроект хықәкыс иамоуп аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рхархәара аманшәалара аиқәыршәареи, ҳаамҭазтәи иаку ақәыҧшылара аҧҵареи, аминистррақәа рыбжьара акоординациа аиҕьтәреи, иара убас, изакәызаалак уадаҩрак ада аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аҵакы змоу аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгареи. Аплан хада ала иазҧхьагәаҭазароуп аҵакырадгьыл афункциатә зонақәа рыла ашареи, атранспорттәи аинџьныртәи инфраструктура шәарҭада, рационалла аҿиареи, иара убас, аландшафтә планшьҭыхреи аиҿкаареи.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҳәаақәҵазароуп иреиҳаӡоу ахаҭарнакратәи анагӡаратәи органқәеи, аофисқәеи, аҳәынҭқарратә напхгара иаҵанакуа аусхкытә органқәеи, иаартугьы иаркугьы аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгареи аҭыҧқәа.
Аиҳабыратә ақалақь аҵакырадгьылаҿ иҟазароуп апарламент ахыбреи, аиҳабыра радминистрациеи, адәныҟатәи аусқәеи, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи, агәабзиареи, аҵареи аҵарадырреи аҿар русқәеи, иара убас, акультуреи аминистррақәа. Иара убас, уааҵәҟаьа иҟазароуп Қарҭ ахадареи, Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыдеи, аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати.
Апроект иазку инарҭабаау аинформациа жәбар шәылшоит Амуниципалтә аҿиара афонд аофициалтә даҟьақәа рҿы», — иануп Аинфраструктура аминистрра аинформациаҿы.