Амшцәгьа амшала, агәаҭара-аужьҭратә пункт «Ҟазбеги» аамҭала аусура иаҟәыҵит
Ахашәалақәа рзы амаҵзура адыррала, Дариалтәи аҩхааҿы аметоорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, агәаҭара-аужьҭратә пункт «Ҟазбеги» аамҭала аусура иаҟәыҵит.
«Амш анеилгалак агәаҭара-аужьҭратә пункт «Ҟазбеги» абжьааҧнытә режимла аусура еиҭалагоит. Аидареи апассаџьырцәеи рымҩангара апроцесс еиҧҟьарада инагӡахоит», — иануп Ахашәалақәа рзы амаҵзура адырраҿы.